Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла иҟоу иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рфинансркра аҩаӡара аадырԥшит, аха иконкрету ахьӡқәа рымҳәеит
Германтәыла аиҳабыра рофициалтә саит апартиа (AfD) Қырҭтәыла иҟоу иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рфинансркреи, ари апроцесс Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер имаз аимадареи ирызкны амаз азҵаарақәа рҭакқәа аианылеит.
Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла иҟоу иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рфинансркра аҩаӡара аадырԥшит, аха иконкрету ахьӡқәа рымҳәеит:
-
2020 ш. — 360 164 евро,
-
2021 ш. — 401 368 евро,
-
2022 ш. — 297 899 евро,
-
2023 ш. — 517 937 евро,
-
2024 ш. — 831 914 евро,
-
2025 ш. — 150 580 евро
“Қырҭтәыла изҳауа арепрессиақәа рфон аҿы, аҭыԥантәи апартниортә ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыхьӡқәа раргаматәра арҭ аиҿкаарақәа рзы ишәарҭоуп.
Апартниортә еиҿкаарақәа ирызку имаӡоу адыррақәа раартра ҟалом, избан акәзар Қырҭтәыла иҟоу арҭ аиҿкаарақәа русзуҩцәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭа ду иҭагылоуп”, – иануп аинформациа аҿы.
Адокумент аҿы иара убас иазгәаҭоуп, Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла Ацҳаражәҳәарҭа Жәларбжьаратәи Аусеицуразы Германтәыла Аилазаара (GIZ) апроектқәа ркоординациеи, насгьы апроектқәа рыдҵақәеи аҳасабырбақәеи реиқәыршәареи шрылахәу.
Германтәыла аиҳабыра рдыррақәа рыла, 2020-2025 шықәсқәа рзы GIZ Қырҭтәыла аихқәа рфинансркра иаҿымызт.