Германтәыла адәыҕбақәа аӡритә арныҟәгақәа рахь ииагоуп  
Германтәыла адәыҕбақәа аӡритә арныҟәгақәа рахь ииагоуп  

Германтәыла адунеиаҿ раҧхьатәи ҳәынҭқарроуп адизель мап ацәкны, адәыҕбақәа рзы аӡритә  арныҟәгақәа рхархәара иалагаз.

Адәыҕба, абылтәы аҭаҭәарада 1000 километ иахысыр алшоит.  Адәыҕба ахыбаҿ иҟоу абылтәытә елементқәа рҿы аӡрии аҵәыҵәрии еилалоит аенергиа аҧҵаразы.

«Ҳара адизель-адәыҕбақәа уаҳа иааҳхәом, уи ала аклимат аҽаҧсахра иаҳа еиҕьны ҳаҿагылар ҳалшоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳаҧхьаҟа адизель-адәыҕбақәа аекономикатә ганахьала ишхәарҭамзааауа», — илҳәеит Германтәылатәи арегионалтә аихамҩатә оператор  LNVG аспикер  Кармен Швабле.