Georgian Wings Қарҭи Баҭыми рыбжьара еиҧырҟьам ареисқәа рынагӡара иалагоит
Сынтәа ҧхынгәы 28 рзы, авиаеилахәыра Geosky «Georgian Wings», Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Баҭымҟа раҧхьатәи ареис мҩаҧнагоит.
Авиаеилахәыра мчыбжьыкала 12 реисқәа нанагӡоит, аҳаирплан 70ҩык апассаџьырцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп. Баҭымнӡа аҧырра 55 минуҭ аҭаххоит.
Иахьа инаркны авиабилеҭқәа раахәраа ҟалоит атуристтә агентрақәа ркассақәа рҿы, ҧхынгәы 15 инаркны — аофициалтә саит Georgianwings.com. ала.