Georgian Airways  Қарҭынтә  2 хырхарҭак ҿыц рыла – Рими Форлии рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧнагоит
Georgian Airways  Қарҭынтә  2 хырхарҭак ҿыц рыла – Рими Форлии рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧнагоит

Мшаҧы азы авиаеилахәыра  Georgian Airways Қарҭынтә Рими Форлии рхырхарҭала ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Georgian Airways.

Авиаеилахәыра адыррақәа рыла, Форлиҟа ишиашо ареисқәа мҩаҧысуеит мчыбжьыкахь знык, аҧшьашазы, римтәи аҳаирбаҕәаза  Фиумичиноҟа— мчыбжьыкахь ҩынтә, ахашеи асабшеи рзы.

Иара убас, аҧхынразы, Парижи Ниццеи рахь ареисқәа иалагоит.

Georgian Airways Европаҟа ишиашо ареисқәа мҩаҧнагоит шьыбжьон, уи апассаџьырцәа ирзыманшәалоуп. Ишиашоу ареисқәа мҩаҧыргоит аҳаирпланқәа  Boeing 737-700, Boeing 737-800,  Boeing 767», — иануп авиаеилахәыра аинформациаҿы.