Леван Давиҭашвили иҳәамҭала,  Украина "Georgian Airways" иазышьақәнаргылаз асанкциақәа аполитикатә ашьаҭа рымоуп
Леван Давиҭашвили иҳәамҭала,  Украина "Georgian Airways" иазышьақәнаргылаз асанкциақәа аполитикатә ашьаҭа рымоуп

«Иааҧҵәаны иҳәатәуп ари аӡбара аполитикатә ашьаҭа шамаз. Ҳара ибзиаӡаны иаабоит еиуеиҧшым атәылақәа равиаеилахәырақәа Урыстәылаҟа ишыҧыруа,  аха,  украинатәи аган урҭ  асанкциақәа рзышьақәыдмыргылеит, — иҳәеит  аекономика аминистр Леван Давиҭашвили Украина ақырҭуа авиеилахәыра  «Georgian Airways» иазышьақәнаргылаз асанкциақәа данрылацәажәоз.

Аминистр иҳәамҭала, уи Украина ахада цәгьашақә иҟаиҵаз шьаҿоуп.

«Рыцҳарас иҟалаз,  Украина анапхгара еиҭах цәгьашақә иҳазныҟәеит. Ҧасагьы абри аҩыза афактқәа иҟан,  ҳтәылауаа асанкциақәа рзышьақәдыргылеит. Абри аҩыза ахымҩаҧгашьа Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа ирнаалом.  Ҳоппозициаагьы ари аус аҿы алагала ҟарҵеит ҳәа сгәы иаанагоит,  избанзар аоппозициатә гәыҧқәаки Украина анапхгареи реимадара шыҕәҕәо аадыруеит.  Агәра ганы сыҟоуп  ари афакт Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә иахәҭоу ақәҿыҭра шаиуа, — иҳәеит  Давиҭашвили.