Georgian Airways -  Иахьатәи авиареис  Қарҭ-Тель-Авив- Қарҭ имҩаҧгахоит
Georgian Airways -  Иахьатәи авиареис  Қарҭ-Тель-Авив- Қарҭ имҩаҧгахоит

Авиаеилахәыра Georgian Airways  агенералтә директор Роман Бокериа иҳәамҭала, Израиль аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы,  иахьатәи авиареис  Қарҭ-Тель-Авив- Қарҭ имҩаҧгахоит.

Иара иажәақәа рыла, израильтәи иколлегацәа агәра идыргеит Израиль ахь аҧырра шшәарҭам.

«Georgian Airways» адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ареис ала Израиль аҟынтә Қырҭтәылаҟа иаауеит  166ҩык апассаџьырцәа.

«Аҳаирплан Қарҭынтә иҧыруеит асааҭ  19:10 рзы, Израиль итәоит асааҭ  20:35 рзы. Аҳаирбаҕәазаҿы сааҭк иаангылоит,  анеҩс, шьҭахьҟа ихынҳәуеит. Абри ареис ала Қырҭтәылаҟа иаауеит 166ҩык апассаџьырцәа», — иҳәеит Роман Бокериа.