Гека Гелаӡе Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сандор Пинтер диԥылеит
Гека Гелаӡе Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сандор Пинтер диԥылеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе аофициалтә визитла Венгриа дыҟоуп.

АҩАр аинформациала, аминистр Венгриа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сандор Пинтер диԥылеит. Аганқәа азакәанхьчаратә хырхарҭала аусеицура априоритетқәа ирыхәаԥшит. Ҷыдала иазааҭгылеит аԥышәеи апрактикеи реиҭныԥсахлара азҵааа.

Аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра шьаҭас аҭаны, хара имгакәа атәылақәа рыбжьара аполициа ахырхарҭала аусеицура арҵауларазы агәыԥ ҷыда шьаҭаркхоит, ҷыдала анаркоацәгьоура аҿагылареи аполициатә академиаҿ аҵаратә программақәеи реиӷтәразы.

Аиԥылараҿ Гека Гелаӡе венгриатәи иколлега асасдкыларазы ҭабуп ҳәа иаиҳәан, Қырҭтәылаҟа дааиԥхьеит.