"Гахариа Қырҭтәылазы” апартиеи “Лело-иӷәӷәоу Қырҭтәыла” акоалициеи алхрақәа раан аусеицура иазку амемроандум рыбжьарҵеит.
“Гахариа Қырҭтәылазы” апартиеи “Лело-иӷәӷәоу Қырҭтәыла” акоалициеи 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы имҩаԥысран иҟоу аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа раан аусеицура иазку амемроандум рыбжьарҵеит.
Амеморандум рнапы аҵадырҩит “Лело-иӷәӷәоу Қырҭтәыла” амаӡаныҟәгаҩ хада Иракли Купраӡеи “Гахариа Қырҭтәылазы” анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Бердиа Сиҷинавеи .
Бердиа Сиҷинава иажәақәа рыла, апартиақәа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рҿы рымчқәа еидыркылоит.
„Ҳполитикатә аидгылеи акоалициа “Лело-иӷәӷәоу Қырҭтәылеи” аусеицура алагамҭатә принципқәеа ирызку амеморандум рыбжьарҵеит“, – иҳәеит Сиҷинава.