Гьаргь Вашадзе, имандат аҧыхра аҳәарала, аофициалла апарламент дадҵаалт
«Акзаара — Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа иреиу Гьаргь Вашаӡе, имандат аҧыхра аҳәарала, аофициалла апарламент дадҵаалт. Вашаӡе ари атәы ааицҳаит апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз амитинг аҿы.
Вашаӡе ишиҳәаз ала, иара ари азҵаара иазкны иколлегацәа дырмацәажәацт, аха, агәра ганы дыҟоуп даргьы абасҵәҟьа ишыҟарҵо.
«Апарламент арзаҳал аласҵахьеит. Зыҧшра ҟамҵакәа, уаҵәыҵәҟьа смандат аҧыхра саҳәоит. Дареи сареи акгьы ҳзеилам, амандатгьы иҟам, апарламентгьы иҟам. Шәара шәоуп иҟоу, шәара шәоуп амч змоу», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе амитинг алахәылацәа рахь ихы рханы.