Гьаргь Вашаӡе иашьа ишааицҳаз, уахынла азакәанхчаҩцәа еимырдаз аҵакыра исасааирҭа ауп, аха уи қолл-центр иадҳәалам
Гьаргь Вашаӡе иашьа ишааицҳаз, уахынла азакәанхчаҩцәа еимырдаз аҵакыра исасааирҭа ауп, аха уи қолл-центр иадҳәалам

Ареестр инақәыршәаны, Қарҭ, Аӷмашенебели имҩаду аҿы уахынла азакәанхчаҩцәа еимырдаз аҵакыраҿ Гьаргь Вашаӡе иашьа, Давид Вашаӡе  исасааирҭа ауп. Вашаӡе 25% итәуп.

Ари аинформациа Давид Вашаӡе шьақәирӷәӷәеит. Аха иажәақәа рыла, исасааирҭа қолл-ҵентр иадҳәалам.

„Аҩбатәи аихагылҿ иҟоу асасаирҭа сара истәуп. Уаҳа акгьы сыздырӡом. Ишсарҳәаз аофис амҳәыр ақәуп“, – иҳәеит Давид Вашаӡе.

Қарҭ, Аӷмашенебели имҩаду аҿы иҟоу офиск аҿы аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Азакәанхьчаҩцәа аҵакырантә амҳәын зқәырҵаз атехниа иргеит.Азакәанхьчаҩцәа иаха иҟарҵаз аҳәамҭала, аусԥшаара иалагеит анонимтә дырра шьаҭас аҭаны, аха аофис ашәқәа иркын. Ари ашьҭахь азакәанхьчаҩцәа аиқәырхаратә маҵзура аусуҩцәа рыцхыраарала, афоис аҩналара рылшеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аофис аҿы қолл-центрк аус ауан.