Гьаргь Мумлаӡе Франциа ацҳаражәҳәарҭахь  аҳәара ҟаиҵеит Еммануель Макрон Саакашвили ихақәиҭтәразы  Биӡина Иванишвилии Саломе Зурабишвилии рзы имоу анырра ихы иаирхәарц  
Гьаргь Мумлаӡе Франциа ацҳаражәҳәарҭахь  аҳәара ҟаиҵеит Еммануель Макрон Саакашвили ихақәиҭтәразы  Биӡина Иванишвилии Саломе Зурабишвилии рзы имоу анырра ихы иаирхәарц  

«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәеи адгылаҩцәеи  Франциа ахада иахь аҳәара ҟарҵеит Саакавшили ихақәиҭтәразы  Биӡина Иванишвилии Саломе Зурабишвилии рзы имоу адипломатиатә анырра рхы иаирхәарц.

Дара Қарҭ иҟоу Франциа ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа еизеит.

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидат ГьаргьМумлаӡе ишиҳәаз ала,  Франциа ахада Биӡина Иванишвилии, иара убас, Франциа атәылауаҩ лҳасабала  Саломе Зурабишвилии рзы анырра имоуп, Саакашвили ихақәиҭтәра аус дацхраар илшоит.

Мумлаӡе ишиҳәаз ала, мышқәак раҧхьа  Европарламент алахәылак  абри аҩызаҵҟьа аҳәарала Макрон дидҵаалт, аха, макьана аҭак имоуӡацт. Акциа алахәылацәа рҳәамҭала, ари ашьаҿа аҵакы ду амоуп, избанзар, Саакашвили игәабзиара аицәахара иаҿуп.