Гьаргь Мумлаӡе Леван Хабеишвили иамхра даҳәоит
Гьаргь Мумлаӡе Леван Хабеишвили иамхра даҳәоит

«Сара  «Амилаҭтә ҵысра» аҿы аиҭакрақәа рхымҧадара алацәажәара зегьы раҧхьа иалагаз ауаа среиуп, арҭ аиҭакрақәа Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра азықәҧара арҕәҕәареи, ареитинг ашьҭыхреи иазкызароуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ус зыҟамлеит. Леван Хабеишвили ириторикеи иусуреи апартиа аконсолидациа иацхраауам», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь Мумлаӡе.

Мумлаӡе ишиҳәаз ала,  Леван Хабеишвили, аҭакҧхықәра ихы иадҵаны, апартина ахантәаҩы иҭыҧ аанижьроуп.

«Иара аҭакҧхықәра ду шиду еиликаароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иарбанзаалак апартиатә позициа ма аҧыжәара амшала апартиа акзаара арҧсыҽра ҟалом. Убри аҟынтә,  иара аҭакҧхықәра ихы иадҵаны, апартина ахантәаҩы иҭыҧ аанижьроуп. Убри анеҩс, аизара ду мҩаҧгатәуп. Михаил Саакашвили иинтересқәа зыхьчаша, ақәҧара зылшо ауаа рыла аполитхеилак еиҿкаатәуп.  2024 шықәсазы апартиа аусура иахагылоит аполитхеилак. Апартиа уажәтәи аменеџьмент ирызгәааны иҟоу ауааҧсыра зегьы ирдыруазароуп аполитхеилакаҿ рхаҭарнак дшыҟоу.  Леван Хабеишвили аҭакҧхықәра ихы адиҵароуп. Аҵыхәтәаны,  2024 шықәсатәи алхрақәа раан урыстәылатәи арежим анықәыҳхлак, апарламенттә алхрақәа рнеҩс хымз рышьҭахь, Михаил Саакашвили иҽалархәрала, апартиа ахантәаҩы далҳхып», — иҳәеит  Мумлаӡе.