Гьаргь Маргвелашвили иажәақәа рыла, аполитикатә мотивациа змоу аусқәа рзы аҿбарҭаҿ амораториум рылаҳәатәуп
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили ишааицҳаз, Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иҟны аинтерес зҵоу аиԥылара иман. Ари атәы Маргвелашвили ааицҳаит Гортәи агоспиталь аԥхьа ажурналистцәа данрацәажәоз. Қырҭтәыла ԥасатәи ахада иажәақәа рыла, “Саакашвили Путин ибаандаҩы иоуп”.
“Аинтерес ду зҵоу аиԥылара ҳаман. Қырҭтәыла аҿаԥхьа иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ҳрыхцәажәеит. Деталла ҳахәаԥшит Қырҭтәыла агеополитикатә ҭагылазаашьа цәгьа, ари аҭагылазаашьаҿ актиор хада Урыстәыла ауп,” – иҳәеит Маргвелашвили.
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили ишааицҳаз, аполитикатә мотивациа змоу аусқәа рзы аҿбарҭаҿ амораториум рыларҳәатәуп.
“Арҭ аусқәа роуп Саакашвилии, Хазараӡеи, Мелиеи, Гварамиеи русқәа. Арҭ аусқәа ауаажәлар ргәаанагарала аполитикатә мотивациа рымоуп,” – иҳәеит Маргвелашвили.