Гьаргь Маргвелашвили – Аоппозициаа дара рпартниорцәа даараӡа ирхьыҧшуп, ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы иҳарҳәо ҳазымӡырҩроуп, апротест ҳаҟәыҵроп, арадикализациа ауп иаҳҭаху
Гьаргь Маргвелашвили – Аоппозициаа дара рпартниорцәа даараӡа ирхьыҧшуп, ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы иҳарҳәо ҳазымӡырҩроуп, апротест ҳаҟәыҵроп, арадикализациа ауп иаҳҭаху

«Аоппозициаа дара рпартниорцәа даараӡа ирхьыҧшуп, сара еснагь абас сгәы иаанагон, ҳара аус рыцаауроуп, аха, уи иаанагом атактикатә шьаҿақәа аныҟаҳҵо рҳәатәы ҳахыҧар ҟалом ҳәа, ахықәкы хада  — аусеицура аҟәыҵреи арежим аҿагылареи ауп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили  «ТВ Формула» аефираҿ.

Маргвелашвили иҳәамҭала, апротесттә цәқәырҧа мҩаҧганы, ари адинамика ихьчаны, арадикализациашҟа ииастәуп.

Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи апартниорцәа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазҿлымҳауп, аха, аоппозициаа ари агха ҟарымҵароуп.

«Зхы иақәиҭу ауаажәларраҿы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ахьчара апроцесс  ахаангьы иаангылом, избанзар,  абри амҩа хәыҷык уаныҵыр, итиранцәахар зҭаху ауаа цәырҵуеит.  Ари ахырхарҭала исериозу апроблемақәа иреиуп мраҭашәаратә ҳпартниорцәа.  Ҳпартниорцәа ари аус иагьа рҽаларгаларгьы,  аҽырҭынчра ҳабжьаргаргьы, ҳара уаҳа абри аҩыза агха ҟаҳамҵароуп», — иҳәеит Маргвелашвили.

Иара убас, Маргвелашвили ишазгәеиҭаз ала,  ҵыҧх аҭагылазаашьа арадикализациа даналацәажоз,  ацҳаражәҳәарак аҿы аоппозициаа ирарҳәеит абри аҩыза аҳәамҭақәа изрықәшаҳаҭхом ҳәа.

«Ҵыҧх арадикализациа саналацәажәоз, аоппозициатә лидерцәа исжәылеит, уажәы адиалог иаамҭоуп ҳәа, реиҳара цәаныррақәас ирымаз убарҭан.  Абарҭ ацәаныррақәа рхәаҽра атенденциа иахьагьы инагӡахар,  «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа рҿы аконституциатә аиҳара роуеит. Уи аполитика анбануп. Ҳпартниорцәа ҳҽырҭынчырц иҳабжьаргоит. Аха, арадикализациа мацароуп алҵшәа ҳзаазго. Уи адәахьы адәылҵра мацарам иаанаго, уи аусеицура аҟәыҵроуп», — иҳәеит  Маргвелашвили.