Аконсервативтә блок “Ақьырсиан-демократиатә еидгыла”/”Ақьырсиан-социалтә еидгыла” (CDU/CSU) алидер Фридрих Мерц аекзит-полқәа рцәыргара ашьҭахь ажәлар рҿаԥхьа дықәгылеит.
Мерц иполитикатә оппонентцәа рпатуқәҵара дахцәажәеит.
«Уажәы ҳара ҳаиҿцәажәоит, зыԥшра ҟамҵакуа аиҳабыра шьақәҳарӷәӷәароуп. Адунеи аҿы зегьы ирбоит Германтәыла зыгәра угаша аиҳабыра шамоу. Ҳара иахьа ҳныҳәоит, аха уаҵәы аусура ҳалагоит”, – иҳәеит Мерц.
Аекзит-полқәа рыла, Бундестаг ахь изаамҭаным алхрақәа рҿы Фридрих Мерц иконсервативтә блок, “Ақьырсиан-демократиатә еидгыла”/”Ақьырсиан-социалтә еидгыла” (CDU/CSU) 29% рыла аԥхьагылара имоупу. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Алиса Веидел лпартиа “Альтернатива Германтәылазы” (AfD) – 19,5%, Олаф Шольц ипартиа “Асоциал-демократиатә партиа” (SPD) 16% мацара аиура алшеит.
Авице-канцлер Роберт Ҳабек ипартиа “Аидгыла 90/Аиаҵәақәа” 13,5% аиуит. “Арӷьарахьтәи апартиа” – 8,9%, “Сара Вагенкнехт леидгыла” (BSW) – 4,7%, “Зхы иақәиҭу апартиа” (FDP) – 4,9%.