Freedom House  2025 шықәсатәи аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла, ҧасеиҧш, хәҭала зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа рсиа иануп, аха, ҵыҧхтәи  арбага аасҭа 3 пунктк рыла илаҟәит
 Freedom House  2025 шықәсатәи аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла, ҧасеиҧш, хәҭала зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа рсиа иануп, аха, ҵыҧхтәи  арбага аасҭа 3 пунктк рыла илаҟәит

Freedom House  2025 шықәсатәи аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла, ҧасеиҧш, хәҭала зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа рсиа иануп, аха, ҵыҧхтәи  арбага аасҭа 3 пунктк рыла илаҟәит. Аҳасабырба цәырган жәабран  26 рзы.

Аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла  100 кәаталақәа рҟынтә 55 кәатала аиуит. Аполитикатә зинқәа рганахьала, Қырҭтәыла  40 рҟынтә 21 кәатала аиуит, атәылауаҩратә зинқәа рганахьала  —  60 рҟынтә 34.

2024 шықәсазы Қырҭтәыла ареитинг  58 кәатала иаҟаран.

Егьырҭ атәылақәа ҳрылацәажәозар,  2025 шықәсазы Шәамахьтәыла ареитинг  54 кәатала иаҟароуп, Азербаиџьан  — 7, Беларусь — 7, Ҭырқәтәыла — 33, Украина — 51, Урыстәыла — 12.

Зегьы реиҳа ахы иақәиҭуп Финлиандиа: ари атәыла  100 кәаталақәа аиуит. Норвегиеи Швециеи –  99.