Франциатәи жандармериа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Амиен ақалақь аҿы ақырҭуа даанкылоуп
Франциатәи жандармериа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Амиен ақалақь аҿы ақырҭуа даанкылоуп

Франциа “урыстәылатәи мафиаҟны” аимадара змоу ақырҭуааи ашәамахьцәеи аанкылоуп, – ари атәы аарыцҳаит жандармериа аҟынтә.

Иларҵәаз адыррақәа рыла, Амиен ақалақь аҿы амилаҭрацәа акриминалтә структура “Урыстәылатәи амафиаҟны” аимадара змоу ақырҭуааи ашәамахьцәеи рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа аанкылоуп, урҭ изакәанымкуа аҭаҭыни иӷьычу амашьынақәеи рҭииуан.

Ажандармериа аинформациа ала, иаанкылоуп 37-ҩык.