Аӡиудоист Лука Мхеиӡе токиотәи аолимпиатә хәмаррақәа рҿы Франциа актәи амедал (аџьаз) азааигеит.
Мхеиӡе 60 кг акатегориаҿ амедал аиуразы аладакореиатәи Џьие Вон Ким ипон ала диааит.
Франциа ахада Еммануель Макрон Лука Мхеиӡе Твиттер аҿы иидиныҳәалеит:
„Аолимпиатә хәмаррақәа аҭоурых ду аԥырҵоит. 2015 шықәсазы Франциа атәылауаҩра зауз, Қырҭтәыла ииз Лука Мхеиӡе атәыла актәи амедал азааигеит. Ҳара ҳазгәдууп,” – иҩит Макрон.