Евровизиа 2024 аҿы ақырҭуа ашәаҳәаҩ аҩбатәи афиналбжатә конкурс аҿы дықәгылоит
Швециатәи ақалақь Мальме аҿы имҩаҧган Евровизиа 2024 аҵәҭаԥсара апроцесс, ишеилкаахаз ала ақырҭуа ашәаҳәаҩ Нуца Бузалаӡе аҩбатәи афиналбжатә конкурс аҿы дықәгылоит
Иара убас аҩбатәи афиналбжатә конкурс аҿы иқәгылоит: Австриа, Мальта, Швеицариа, Бырзентәыла, Чехиа, Албаниа, Даниа, Шәамахьтәыла, Израль, Естониа, Нидерланды, Норвгиа, Латвиа, Сан-Марино, Бельгиа.Актәи афиналбжатә конкурс аҿы иқәгылоит: Украина, Кипр, Польша, Сербиа, Лиетува, Хорватиа, Ирландиа, Словениа, Исландиа, Финлиандиа, Португалиа, Лиуксембург, Австралиа, Азербаиџьан, Молдова.
Аконкурс аҵасқәа рыла, Франциа, Германтәыла, Британиа Ду, Испаниа, Италиа, Швециа афинал ахь автоматла ииасуеит.
Евровизиа 2024 швециатәи ақалақь Мальме, Malmö Arena-ҿ имҩаҧысуеит лаҵара 7, 9, 11 рзы.