Европатәи ахеилак Урыстәылаҟны ирмариоу авизатә режим аҧнахит
Европатәи ахеилак Урыстәылаҟны ирмариоу авизатә режим аҧнахит

Европатәи ахеилак Урыстәылаҟны ирмариоу авизатә режим аҧнахит. Ахеилак алахәылацәа ари аӡбара иахьа ирыдыркылеит.

Иахьарнахыс, Урыстәыла атәылауаа  Евроеидгыла Авизатә закәанеидкыла азеиҧш ҧҟарақәа рхы иадырхәоит.  Лымкаала, авизатә ашәахтә  35 евро аҟынтә  80 евро аҟынӡа азҳауеит, иацҵаны адокументқәа рцәыргара рықәшәоит, авизатә арзаҳалқәа рыхәаҧшра аҿҳәара ацлоит, акырынтәи авизақәа рыҭара аҧҟара иаҳа иџьбарахоит.

«Иахьатәи аӡбара, ишиашо,  урыстәылатәи агрессиа иадҳәалоуп, уи ала даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит ҳара  Украинеи аукраин жәлари ҕәҕәала ҳашрыдгыло», — иҳәеит Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Вит Ракушан.

Евроеидгылеи Урыстәылеи рыбжьара ирмариоу авизатә режим шьақәыргылан 2007 шықәса рашәара 1 азы.