Европатәи ахеилак  -  Ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа инаваршәны  игыло анаҧшцәа аамҭала идәықәҵазаауеит Қырҭтәыла аус зуа амиссиа аҟынтәи
Европатәи ахеилак  -  Ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа инаваршәны  игыло анаҧшцәа аамҭала идәықәҵазаауеит Қырҭтәыла аус зуа амиссиа аҟынтәи

Европатәи ахеилак аӡбарала, ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаа инаваршәны  аҭагылазаашьа агәаҭареи  арегионаҿ аҭагылазаашьа иазкны  аҳасабырба аиқәыршәареи амзызла, Шәамахьтәылаҟа идәықәырҵоит  40ҩык Евроеидгыла анаҧшцәа.  Европатәи ахеилак ари аӡбара аднакылеит жьҭаара 6 рзы, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани, Франциа ахада Еммануел Макрони, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели реиҧылара ашьҭахь.

Евроеидгыла анаҧшцәа ирласӡаны рыргылара амзызла, Европатәи ахеилак аӡбара аднакылеит ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәаашҟа аамҭала идәықәырҵарц Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ахаҭарнакцәа.

Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаҧнагоит Қырҭтәылаҿ амониторинг ҧырхагада анагӡаразы.