Европа амш инамаданы Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель адныҳәалара ҟаиҵеит.
Европа амш инамаданы ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз адныҳәалараҿ Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирзеиԥшу ахәынаӡарақәа дрыхцәажәеит.
“Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу апартниорра азеиԥш хәынаӡарақәа ауп шьаҭас амоу. Ари апартниорра наҟ-наҟ иаҳа изҳауеит, избан акәзар Қырҭтәыла аҭоурыхтә шьаҿа ҟанаҵеит – Евроеидгыла алаларазы аҳәара ҟанаҵеит.
Қырҭтәыла актәи ареспублика аконститцуиа ақырҭуа уаажәларреи акультуреи рҿы адемократиеи, аиҟарареи, ахкырацәареи, ахақәиҭра ахәынаӡарақәеи шаарԥшыз иаҳдырбоит. Арҭ ахәынаӡарақәа иахьагьы ауаа рзы аҵак ду рымоуп.
Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылоит. Иӷәӷәоу, ишәҭуа адемократиатә тәыла аргылара адгылоит. Ҳара ҳрыдгылоит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи атерриториатәакзааеи, ари егьынаҳагӡоит. Европа амш шәыдысныҳәалоит”, – ааицхаит Ҳарцель.