Евро-2023 агәыҧтә етап ахҧатәи атур аматч аҿы Қырҭтәыла аҿартә аизга Нидерланды аизга ирҧылоит, аматч мҩаҧысуеит рашәара 27 рзы, «Динамо Аренаҿ».
Агәыҧтә етап 2 турк рышьҭахь Қырҭтәыла аҿартә аизга 4 баалк рыла актәи аҭыҧ ааннакылоит. Уи иашьҭагылоуп Бельгиеи Нидерланди. Аҵыхәтәантәи аҭыҧаҿ игылоуп Португалиа.
Европа аҿартә чемпионатқәа рҭаара арекорд шьақәыргылан «Динамо Аренаҿ» , Евро-2023 аан. Қырҭтәыла-Бельгиа аматч азы ирҭиит 54 000 абилеҭқәа, ари ахыҧхьаӡара 1996 шықәсазы Барселона, Испаниеи Италиеи рматч азы иҭииз абилеҭқәа рхыҧхьаӡара аасҭа (35600) 6000 рыла еиҳауп. Қырҭтәылеи Бельгиеи ақәыԥшцәа реизгақәа Евро 2023 аҩбатәи атур рматч ахь иҭихьеит 41 887 абилеҭқәа.
Қырҭтәыла аҿартә аизга ахҧатәи атур аматч мҩаҧнагоит иахьа, рашәара 27 рзы, «Динамо Аренаҿ» Қырҭтәылеи Нидерланди рматч иалагоит асааҭ 20:00 рзы. Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо ицо арепортаж шәыднагалоит.