Қырҭтәыла ашьапылампылтә федерациа адыррала, 2023 шықәсатәи Европа аҿартә чемпионат аматчқәа рзы абонементқәа рыҭира иалагеит.
Ари атурнир Қырҭтәылеи Румынтәылеи имҩаҧысуеит.
Ахәаҧшцәа зегьы, рықәра иахьыҧшымкәа, абилеҭқәа рымазароуп. 16 зхымҵыц ауааҧсыра астадионашҟа инарышьҭуеит дара рзы аҭак зыҧхықәу адуцәа ирыцны. Уажәазы аконкреттә стадионахь абонемент аахәара алшара иҟоуп:
Қарҭ, «Динамо Арена» астадионахь абонемент:
Рашәара 21 | Қырҭтәыла — Португалиа
Рашәара 24 | Қырҭтәыла — Бельгиа
Рашәара 27 | Қырҭтәыла — Голландиа
Қарҭ, Михаил Месхи ихьӡ зху астадионахь абонемент
Рашәара 21 | Бельгиа — Голландиа
Рашәара 24 | Португалиа — Голландиа
Рашәара 27 | Португалиа — Бельгиа
Ҧхынгәы 1 | афинал аҧшьбарак
Баҭым, «Баҭым Арена» астадионахь абонемент
Рашәара 22 | Чехиа — Англиа
Рашәара 25 | Чехиа — Германтәыла
Рашәара 28 | Англиа — Германтәыла
Қәҭешь, Рамаз Шенгелиа ихьӡ зху астадионахь абонемент
Рашәара 22 | Германтәыла — Израиль
Рашәара 25 | Англиа — Израиль
Рашәара 28 | Израиль — Чехиа
Ҧхынгәы 2 | афинал аҧшьбарак