Еврокомиссиа ишаанацҳаз ала,  Евроеидгыла иахәҭоу зегьы ҟанаҵоит Судан иҟоу европатәи атәылауаа ршәараҭадара аиқәыршәаразы
Еврокомиссиа ишаанацҳаз ала,  Евроеидгыла иахәҭоу зегьы ҟанаҵоит Судан иҟоу европатәи атәылауаа ршәараҭадара аиқәыршәаразы

Евроеидгыла иаҭаху зегьы ҟанаҵоит Судан иҟоу европатәи атәылауаа ршәараҭадара аиқәыршәаразы, Еврокомиссиа ахаҭарнак ари аҳәамҭа ҟалҵеит иахьа Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Набила Массрали ишылҳәаз ала,  уажәазы Судан шәҩыла европатәи атәылауаа аангылар ҟалап, Евроеидгыла урҭ ршәарҭадара аиқәыршәаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит.

Иара убас, Еврокомиссиа ахаҭарнак ишылҳәаз ала, Евроеидгыла аганқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит аибашьра иаҟәыҵны, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа еиҭалагарц.