Еврокомиссиа асанкциақәа реилагаразы ақәиҭымтәра иазку Евроеидгыла адиректива ақәымныҟәаразы 18-тәылак рганахьала аусеилыргара алагеит
Еврокомиссиа асанкциақәа реилагаразы ақәиҭымтәра иазку Евроеидгыла адиректива ақәымныҟәаразы 18-тәылак рганахьала аусеилыргара иалагеит.
Адиректива ианқәыршәаны, алахәыла-тәылақәа ируалуп рмилаҭтә закәанԥқара Евроеидгыла адҵақәа ирышьашәалахар. Ари хықәкыс амоуп рымоуп Еврокомиссиа асанкциақәа реилагара аарԥшреи ашьауӷа усԥшаара адгылареи.
Адиректива анагӡара аҿҳәара 2025 шықәса лаҵара 25 рзы хыркәшеит. Иахьазы 18 алахәыла-тәылақәа акомиссиа адырра арымҭеит адиректива шынарыгӡаз. Арҭ атәылақәа роуп: Бельгиа, Болгариа, Чехиа, Германтәыла, Ирландиа, Бырзентәыла, Испаниа, Франциа, Хорватиа, Италиа, Кипр, Венгриа, Мальта, Австриа, Португалиа, Румыниа, Словениа, Польша.