Евроеидгыла ахаҭарнакра аинтерес змоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аусуратә гәыԥқәа рҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раҭарнакцәа рҽалархәра еиқәдыршәарц
Евроеидгыла ахаҭарнакра аинтерес змоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аусуратә гәыԥқәа рҿы иашьашалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раҭарнакцәа рҽалархәра еиқәдыршәарц.
Ари иазгәаҭоуп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аҳәамҭа аҿы.
“Қырҭтәыла аинтерес змоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳаҵоит алхратә реформ аус адызуло аусуратә гәыԥқәа рҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раҭарнакцәа рҽалархәра еиқәдыршәарц.
№10 априоритет ауп атәылауаҩратә ауаажәларратә аиҿкаарақәа рҽалархәра апарламент аусзура иадҳәалоу аӡбарақәа аус рыдулара апроцесс аҿы,” – иануп Евроеидгыла ахаҭарнакра аҳәамҭа аҿы.