Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Урыстәыла иаҿагыло асанциақәа рпакет ҿыц адкыларазы  еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Урыстәыла иаҿагыло асанциақәа рпакет ҿыц адкыларазы  еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Урыстәыла иаҿагыло асанциақәа рпакет ҿыц адкыларазы  еиқәшаҳаҭхеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.

Агентра адыррала, Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәиа усқәа рминистрцәа Ниу-Иорк изаамҭаным аиҧылара мҩаҧыргеит. Аминистрцәа Москва иаҿагыло асанкциақәа рпакет ҿыци Украинаҟа иаҳа ирацәаны абџьар адәықәҵареи азы еиқәшаҳаҭхеит.

Жозеп Боррель иҳәамҭала,  украинатәи аҵакырадгьыл аннексиа иазку аҳәамҭақәеи  Урыстәыла ахьчаразы аиадертә бџьар ахархәарала ақәмақарреи алагьы иубарҭоуп Урыстәыла анапахгара ишгәамҵуа.

« Путин Украина иқәихыр иҭахуп,  уи еилкаауп», — иҳәеит Боррель.