Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла ақәырҵо асанкциақәа аабатәи рпакет рыдыркылеит , урҭ рыла иазыԥҳьагәаҭоуп урыстәылатәи анефт ахәԥсазы хыхтәи аҳәаа ашьақәырӷәӷәара
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла ақәырҵо асанкциақәа аабатәи рпакет рыдыркылеит , урҭ рыла иазыԥҳьагәаҭоуп урыстәылатәи анефт ахәԥсазы хыхтәи аҳәаа ашьақәырӷәӷәара

Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла ақәырҵо асанкциақәа аабатәи рпакет рыдыркылеит. Ари атәы аанацҳаит Financial Times.

Акьыԥхь аинформациа ала, аабатәи апакет ала иазыԥҳьагәаҭоуп урыстәылатәи анефт ахәԥсазы хыхтәи аҳәаа ашьақәырӷәӷәара

Financial Times ахыҵхырҭақәа рдыррақәа рыла, ахәԥса хыхьтәи аҳәаа адеатлқәа аарԥшым, уи ӡбахоит G8 аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Асанкциақәа амч роуеит Евроеидгыла аофициалтә журнал аҿы акьыԥхьра ашьҭахь.