Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура апресс-спикер - Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ хаҭалатәи иқәылара, уи Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы ихадоу ароль наигӡоит
Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура апресс-спикер - Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ хаҭалатәи иқәылара, уи Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы ихадоу ароль наигӡоит

Ҳара Қырҭтәыла аполитикатә актиорцәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит адезинформациа аларҵәареи, апровокациатә хаҭалатәи ажәыларақәеи рҽацәырыхьчарц, руааԥсыра европатәи аԥеиԥш азы аусура нарыгӡарц, – иануп Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура апресс-спикер иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла Қырҭтәылазы зыгәра угартә иҟоу партниоруп.

“Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла Қырҭтәыла инанагӡо ароль иазкны адезинформациеи ҵаҵӷәы змам ахарадҵарақәеи ӷәӷәала мап ирыцәнакуеит, ирықәыӡбоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы  – Евроеидгыла Қырҭтәыла адестабилизациа алагара, аибашьра аҽалашалара аҭахуп ҳәа –  аларҵәара зауз имцу аҳәамҭақәа – ауаажәларра гәҭакылатәи рырҩашьара ауп. Урыстәыла амоу астиль ала иаԥҵоу ачарҳәаратә теориақәеи аиҟәшаратә наративқәеи Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырԥхсҭатәра Қырҭтәыла адемократиа ашьақәгылареи европатәи амҩеи згәамԥхо мацара рзы ихырҳагоуп. Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбоит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ хаҭалатәи иқәылара, уи Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы ихадоу ароль наигӡоит. Ҳара Қырҭтәыла аполитикатә актиорцәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит адезинформациа аларҵәареи, апровокациатә хаҭалатәи ажәыларақәе рҽацәырыхьчарц, руааԥсыра европатәи аԥеиԥш азы аусура нарыгӡарц, – иануп Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура апресс-спикер иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.