Евробаскет 2025 | Иахьа Қырҭтәыла аизга Кипр иацлабуеит - ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ #1TVSPORT
Цәыббра 2 рзы, қарҭтәи аамҭала асааҭ 18:15 рзы, Қырҭтәыла аизга Кипр иацлабуеит. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.
Анеҩстәи аетапахь аиасразы, Қырҭтәыла аизга иахьатәи ахәмарраҿы хымҧада аиааира агароуп.
Азыҟаҵаҩ Алеқсандр Џьиқич иҳәамҭала, ақырҭуа ахәмарҩцәа хықәкыс ирымоу рдыруеит, уи шынагӡатәугьы рдыруеит.
Актәи атураҿ Қырҭтәыла амилаҭтә аизга Европа уажәтәи ачемпион – Испаниа иаиааит, аха, анеҩс, Италиеи Бырзентәылеи рҟны иаҵахеит.