Евробаскет-2025 | Қырҭтәыла аизга Франциа иаиааин,  Европа ачемпионат афинал аҧшьбаракахь ииасит
Евробаскет-2025 | Қырҭтәыла аизга Франциа иаиааин,  Европа ачемпионат афинал аҧшьбаракахь ииасит

Евробаскет афинал  1/8 аҿы Қырҭтәыла аизга, 80:70  ҳәа, афаворитцәа иреиу  — Франциа аизга иаиааи, раҧхьаӡа акәны Европа ачемпионат афинал аҧшьбаракахь ииасит.

Анеҩстәи аматч аҿы Қырҭтәыла аизга Финлиандиа иацлабуеит. Аматч мҩаҧысуеит цәыббра  10 рзы. Ахәмарра иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ  22:00 рзы. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.