Euronews адыррақәа рыла, заанаҵтәи аусеилыргара ишьақәнарҕәҕәоит "Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа" аҳаирплан аурыс ракета амшала ишкаҳаз
Заанатәи аусеилыргара ишьақәнарҕәҕәоит “Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа” аҳаирплан аурыс ракета амшала ишкаҳаз. Euronews ари аинформациа аланарҵәеит Азербаиџьан аиҳабыраҿ иҟоу ахыҵҵырҭа адырра ашьаҭала.
Ахыҵҵырҭа адыррақәа рыла, аракета дәықәҵан Грозни аханы имҩаҧысуаз апилотдатә операциаан. Аракета аҧҽыхақәа алаинер иақәшәеит. Азербаиџьан аиҳабыраҿ иҟоу ахыҵҵырҭақәа рдыррақәа рыла, апилотцәа аҳәара шыҟарҵазгьы, аҧхасҭа зауз аҳаиплан урыстәылатәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы артәара азин рырымҭеит, Казахстан, Актау ахырхарҭа аҧырра рыдырҵеит.
Урыстәылатәи ахыҵҵырҭақәа рдыррақәа рыла, «Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа» аҳаирплан Чечентәыла аханы ианыҧыруаз аамҭазы урыстәылатәи аҳаирхьчаратә системақәа украинатәи адронқәа рықәхра иаҿын.