Ергнеҭи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган
Ергнеҭи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе иҳәамҭала,  иахьа Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара.

Уажәазы де-факто арежим закәандарала иҭакны ирымоуп быжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Иракли Анҭаӡе иажақәа рыла, аиҧылара алахәылацәа аҵыхәтәантәи аамҭазы ампыҵахалатә цәаҳәаҿы иҟалаз ахҭысқәеи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, агуманитартә зҵаарақәеи ирылацәажәеит.

„Ҳара аҵыхәтәантәи аамҭазы ампыҵахалатә цәаҳәаҿы иҟалаз ахҭысқәеи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, агуманитартә зҵаарақәеи ҳрылацәажәеит.  Азакәандаратә бордеризациа афактқәеи  ауаа рхы иақәиҭны аиҭаҵра алшара рыҭареи ҳазааҭгылеит. Ари аганахьала иҿыцу акгьы рымҳәеит.  Аполитикатә хәаахәҭра иалагеит. Иара убас,  ақырҭуа полициа астандартә ҧыҧшырҭа азҵаара еиҭақәдыргылеит. Ари азҵааразы ацентртә напхгара рпозициа идыруп, ари апозициа ҳаҧсахуам“, – иҳәеит аиҧылара ашьҭахь Иракли Анҭаӡе.