Ергнеҭи  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 108-тәи аиҧылара мҩаҧысуеит
Ергнеҭи  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 108-тәи аиҧылара мҩаҧысуеит

Ҩымзтәи аангылара ашьҭахь, Гори амуниципалитет  Ергнеҭи ақыҭан,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 108-тәи аиҧылара мҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла Ахәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа-аналитикатә департамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе ишиҳәаз ала,  аиҧылара алахәылацәа аҵыхәтәантәи ҩымз рыла ампыҵахалатә цәаҳәаҿы иҟалаз ахҭысқәа ирылацәажәоит.  Иара убас, азакәандаратә бордеризациа апроцессгьы иазааҭгылоит.

Иракли Анҭаӡе иажәақәа рыла, уажәазы де-факто  арежим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылоуп хәҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аиҧылараҿы ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа иаанкылоу ауааҧсыра рхақәиҭтәра азҵаара еиҭақәдыргылоит.