Ереван акциақәа нагӡоит
Ереван акциақәа нагӡоит

Шәамахьтәыла аҳҭнықалақь аҿы аҿагыларатә акциақәа нагзоит. Аҭыԥантәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, шьыжь инаркны Ереван автомобилтә мҩақәа аркуп, адемонстрантцәа аблокирра рзыруит амҩақәеи ацҳақәеи.

Аихқәа рдыррақәа рыла, ацҳак аргыларатә техника ҷыдала аркуп.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп агәыԥ ҷыдеи аполициеи. Урҭ автомобилқәа рныҟәара аиҭашьақәыргылара рҽазыркит. Уажәы аркуп Баграмиан имҩаду.

Шәамахьтәыла аҳҭнықалақь аҿы аиҳабыра рыҿагыларатә акциақәа лаҵара 1 азы иалагеит.