Erasmus+ амилаҭтә офис - Қырҭтәыла Еразмус+ апрограмма активла, акыр зҵазкуа партниорны иаанхоит, ауснагӡатәқәа зегьы ԥырхагада нагӡоит
Erasmus+ амилаҭтә офис - Қырҭтәыла Еразмус+ апрограмма активла, акыр зҵазкуа партниорны иаанхоит, ауснагӡатәқәа зегьы ԥырхагада нагӡоит

Қырҭтәыла Еразмус+ апрограмма активла, акыр зҵазкуа партниорны иаанхоит, апланқәа ирылоу, иара убас иахьазы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа зегьы ԥырхагада нагӡоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Erasmus+ амилаҭтә офис аҳәамҭа аҿы.

Erasmus+ амилаҭтә офис аинформациаҿ ишану ала, аҵараиурҭақәеи, астудентцәеи, аинтерес змоу аганқәеи аофициалтә хыҵхырҭақәа рықәгәыӷыроуп.

„Қырҭтәыла иҟоу Erasmus+ амилаҭтә офис аофициалтә ҳәамҭа ҟанаҵоит Erasmus+ Қырҭтәыла иалҵуеит ҳәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы. Қырҭтәыла Еразмус+ апрограмма активла, акыр зҵазкуа партниорны иаанхоит, апланқәа ирылоу, иара убас иахьазы имҩаԥысуа аусмнагӡатәқәа зегьы ԥырхагада нагӡоит. Аҵараиурҭақәеи, астудентцәеи, аинтерес змоу аганқәеи рахь ааԥхаьра ҟаҳҵоит аофициалтә хыҵхырҭақәа мацара рықәгәыӷырц”, – иануп аҳәамҭа аҿы.