Ентони Блинкен -Аибашьра Владимир Путин иплан инақәыршәаны мҩаԥысуам, Украина аиааира агара алшоит
Ентони Блинкен -Аибашьра Владимир Путин иплан инақәыршәаны мҩаԥысуам, Украина аиааира агара алшоит

Украина аибашьраҿ аиааира аганараалшоит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡанҟәгаҩ Ентони Блинкен ВВС аинтервиу аҿы.

Блинкен иажәақәа рыла, Украина ибашьра Владимир Путин иплан инақәыршәаны мҩаԥысуам. ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ишааицҳаз, жәларбжьаратәи аиҩызара Украина ацхыраара азыхиоуп, Владимир Путин дызлагаз аибашьра аанкыларазы, Урыстәыла аганахьала ақәыӷәӷәара нарыгӡоит.

“Аибашьра иахьынӡанагӡо сыздырӡом. Аамҭа шаҟа аҭаххо сызҳәом. Аха Урыстәыла аԥеиԥши ахақәиҭреи иазықәԥо 45 миллионҩык рымпыҵахалара азалшом, ” – иҳәеит Блинкен.

Урыстәыла анапхгара рыԥсахра иазкны ажурналист изҵаара иаҭакны Блинкен иҳәеит: “Ари акәӡам ҳара хықәкыс иҳамоу, ари ҳара ҳус иалам. Аурыс жәлар рхала ирыӡбароуп рнапхгаҩы иԥеиԥ“.