"Енергоатом" – Запорожтәи АЕС ишеибгоу иаанкылоуп
"Енергоатом" – Запорожтәи АЕС ишеибгоу иаанкылоуп

Украинатәи аилахәыра  «Енергоатом» адыррала,  Запорожтәи АЕС ишеибгоу иаанкылоуп. Аилахәыра ахаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала,  6-тәи аенергоблок афымцатә аҳа иаҿыхуп, аблок архьшәашәаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

«Енергоатом» аҿы ишырҳәаз ала, аҵыхтәантәи аамҭазы  6-тәи аенергоблок астанциа аҭахрақәа рынагӡара мацараз аус ауан, зегьы раасҭа ихәыҷы амч ала, избанзар, АЕСи украинатәи аенергосистемеи реимадаратә мҩангақәа зегьы урыстәылатәи аган ржәылара амшала аҧхасҭа роуит.

«Енергоатом» аҿы ишазгәарҭаз ала, аенергосистемаҟны аимадаратә мҩангагақәа  еиҭах аҧхасҭа роур,   Жапорожтәи АЕС  аҭахрақәа рынагӡаразы адизель-генераторқәа рхархәара рықәшәоит. Убри аҟынтә, АЕС иацҵаны адизельтә былтәы ала еиқәыршәатәуп.

Запорожтәи  АЕС  урыстәылатәи арбџьармчқәа рнапаҿы иҟоуп сынтәа хәажәкыра инаркны, аха астанциаҿы аус руан украинатәи аперсонал.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыҧашҟа инеит Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра ахаҭарнакцәа, дара, ашәарҭадара аиқәыршәара амзызла, астанциа иаҧну аҵакырадгьылаҿ адемилитаризациатә зона аҧҵара иаҳәеит.