«Енергоатом»  Запорожтәи АЕС аҿы амашәыр ҟалар,  уи иахылҵыр  зылшо арадиациатә аҧҭа иадҳәаланы азҧхьгәаҭарақәа ҟанаҵеит
«Енергоатом»  Запорожтәи АЕС аҿы амашәыр ҟалар,  уи иахылҵыр  зылшо арадиациатә аҧҭа иадҳәаланы азҧхьгәаҭарақәа ҟанаҵеит

«Енергоатом»  Запорожтәи АЕС аҿы амашәыр ҟалар,  уи иахылҵыр  зылшо арадиациатә аҧҭа иадҳәаланы азҧхьгәаҭарақәа ҟанаҵеит.

«Би-Би-Си» иаланарҵаз аинформациа инақәыршәаны, абомбақәыжьреи аиадертә обиект ашҟа аурыс арбџьармчқәа рҭалареи амшала,  аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы уаҟа аҭагылазаашьа еицәахеит. Атомтә енергиазы жәларбжьратәи агентра, астанциаҿы аҭагылазаашьа аҭҵааразы уахь амиссиа дәықәырҵар рҭахуп.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба ишиҳәаз ала, аурыс аруаа,  излауа ала ирласны Запорожтәи АЕС иалҵроуп,  избанзар астанциаҿы рыҟазаара аконтинент зегьы азы шәарҭоуп.

«Аиадертә шәарҭадара азҵаара кыршықәса рыҩныҵҟа Украиназы аҧыжәара аман.  Аурыс ампыҵахалаҩцәа Запорожтәи АЕС арратә базас иҟарҵеит,  дара аконтинент зегьы ашәарҭа иҭадыргылеит. Аурыс аруаа излауа ала ирласны астанциа иалҵроуп. Уаҟа акгьы русым», — иҩит  Кулеба  Twitter аҿы.