«ЕНЕРГО-ПРО Џьорџьиа» — Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҧхасҭа зауз аенергосистема интенсивла аиҭашьақәыргылара иаҿуп
«Енерго-Про Џьорџьиа» атехникатә гәыҧ аҧсабаратә рыцҳараан аҧхасҭа зауз афымцамҩангагақәа рыхәҭак идырҽеихьеит. Ари атәы аарыцҳаит аилахәыра «Енерго-Про Џьорџьиа» аҟынтәи.
Дара рдырраәа рыла, Имереҭии Раҷа–Лечхумии иҟоу 265 000 абонентцәа рҟынтә уажәазы афымцала еиқәыршәоуп 40 000 абонентцәа, Гыртәыла 142 000 абонентцәа рҟынтә афымца рымоуп 20 000 раҟара.
«Аиҭаҵра шыуадаҩугьы, аоперативтә техникатә бригадақәа аҧхасҭа ахьыҟоу аҭыҧқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧыргоит. Дара афымцала аиқәыршәара инагӡаны еиҭашьақәдыргылаанӡа аусура нарыгӡоит», — иануп адырраҿы.