"Енерго-про Џьорџьиа" аинформациала, амшцәгьа иахҟьаны мраҭашәаратә Қырҭтәыла афымцалашаратә цәаҳәақәа аԥхасҭа роуит
"Енерго-про Џьорџьиа" аинформациала, амшцәгьа иахҟьаны мраҭашәаратә Қырҭтәыла афымцалашаратә цәаҳәақәа аԥхасҭа роуит

“Енерго-про Џьорџьиа” аинформациала, амшцәгьа иахҟьаны мраҭашәаратә Қырҭтәыла афымцалашаратә цәаҳәақәа аԥхасҭа роуит.

Аилахәыра аинформациала, даара ицәгьоу аҭагылазаашьа Харагаули  иҟоуп, уахь иацҵаны абригадақәа мрагыларатә Қырҭтәылантә ирышьҭит.

“Иара убас аҭагылазаашьа ицәгьан Ҵаленџьиха, аха “Енерго-про Џьорџьиа” абригадақәа афымцалашаратә цәаҳәақәа рырҽеира рылшан, амуниципалитет афымцалашара амоуп.

Аҩадатәи Аҷара иҟоу абонентцәа реиҳараҩык афымцалашара рымоуп. Хулои, Хелвачаурии, Қедеи рқыҭақәак афымцалашарада аанхеит, аилахәыра абригадақәа уагьы аусура иаҿу́п”, – аарыцҳаит “Енерго-про Џьорџьиа” аҟынтә.