Еммануел Макрони, Дональд Туски, Фридрих Мерци аҳәамҭа еицыҟарҵеит - Қырҭтәыла ауааҧсыра атәыла европатәи амҩа иадҳәалоу алшарақәа рымхра ҟалом
Франциа ахада Еммануел Макрони, Польша аҧыза-министр Дональд Туски, Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, дара ақырҭуа жәлар рдемократиатәи ревропатәи ҽазышәарақәа ирыдгылоит.
„Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, ақырҭуа жәлар аиҩызареи адгылареи рзааҳарҧшыр ҳҭахуп. Ҳара даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Ақырҭуа жәлар рдемократиатәи ревропатәи аҽазышәарақәа ҳрықәшаҳаҭуп. Абарҭ аҽазышәарақәа европатәи аҭаацәара алалара аҭахра аадырҧшуеит. Ҳара адемократиатә принципқәа еилазго Қырҭтәыла анапхгара роуранагӡара ҳақәыӡбоит. Агәаанагара аарҧшреи аизареи азин ихьчазароуп. Имцхәны амч ахархәара афактқәа зегьы иҭҵазаароуп. Европатәи анормақәа ирышьашәалам азакәанқәа иҧсахзароуп, ареформақәа рымҩаҧгара еиҭалагароуп. Қырҭтәыла анапхгара аоппозициааи атәылауаҩратә уаажәларреи рҟны адиалог мҩаҧыргароуп. Ақырҭуа жәлар атәыла европатәи ахырхарҭа иадҳәалоу алшарақәа рымхра ҟалом“, – иануп аҳәамҭаҿы.