Британиа Ду акралҧҳәыс Елизавета II лџьабаратә церемониа ауаажәларратә хәҭа хыркәшоуп.
Аҧсы Гьаргь ацқьа ихьӡала Винӡортәи аханаҿ иҟоу аныхабаашҟа днаргеит. Аҧсыжра ацеремониа рхы аладырхәоит аҭаацәра алахәылацәа мацара.
Гьаргь ацқьа ихьӡала иҟоу ауахәамаҿ иҟан 800ҩык раҟара. Ацеремониа анҵәамҭаз акралҧҳәыс лтитулқәа зегьы еиқәырыҧхьаӡеит. Анеҩс, архиепископ акрал Карл ахҧатәи диныҳәеит.
Вестминстертәи аббатраҿ имҩаҧгаз апанихидаҿ иҟан 2 000 000ҩык. Ацеремониа рхы аладырхәит аҳратә ҭаацәара алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, атәыла ҧасатәии уажәтәии аҧыза-министрцәеи, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи — Америка ахада Џьо Баидени иҧҳәыси, Канада аҧыза-министри, Франциа ахадеи, егьырҭ алидерцәеи. Ацеремониаҿ дыҟан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилигьы.
Вестминстертәи аббатраҿ 96-нтә асаркьал иасит.
Акралҧҳәыс Елизавета II лыҧсҭазаара далҵит цәыббра 8 рзы, 96 шықәса дшырҭагылаз. Лара 70 шықәса аҳ итәарҭа аанылкылон .
Британиа Ду акралҧҳәыс дырџьабоит цәыббра 26-наӡа.