Елина Валтонен лвизит инамаданы Қырҭтәыла АдәАР аҟынтә OSCE амаӡаныҟәгареи алахәыла-тәылақәеи рахь аҿагыларатә нота шьҭын
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Финлиандиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр лвизит инамаданы агәҭнчымра аанарԥшит. Елина Валтонен лвизит инамаданы Қырҭтәыла АдәАР аҟынтә OSCE амаӡаныҟәгареи алахәыла-тәылақәеи рахь аҿагыларатә нота ишьҭын.
OSCE амаӡаныҟәгарахь ишьҭыз анотаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аофициалтә авизит ала иазыԥхьагәаҭаз апрограмма ада, аминистр Елина Валтонен аиҳабыра иаҿагыло активистцәа ргәыԥ еиҿыркааз акциахь днеины, Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи ауаажәларра арҩашьара аҽазкра ауп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.
“Абри еиԥш ахымҩаԥгашьа OSCE змоу аусеицуратә хырхара иаҿагылоуп, иара убас ахантәаҩы имандат аиҳатәра ауп иаанаго.
Хыхь ҳзыхцәажәо аҭагылазаашьа зегьеицырзеиԥшу жәларбжьаратәи азин апринципқәа: асуверенитет аҳаҭыр ақәҵара, аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ирҿагылоит”, – иануп анота аҿы.