“Дроа” алидер Елене Хоштариа ишаалыцҳаз ала, Русҭавели имҩаду аҿы амлашьра далагоит.
Хоштариа лажәақәа рыла, “арежим аҿагылара ахы ақәылҵар дазыхиуоп”.
“Русҭавели имҩаду ҳақәԥара ахьымҩаԥысуа, Урыстәыла аҿагылразы ихадароу ҭыԥуп, убри аҟынт Русҭавели амҩаду ашҟа сааит. Ари ақәԥараҿ акымкәа аетапқәа ҳархысхьеит. Арежим аӡбарала, аполитикцәа реиҳараҩык ибаандаҩуа, ари иахҟьаны, ақәԥара аформа ҿыц салагоит. Ари аемоциа злам, ишәам-изам формоуп, ари ақәԥара аиааиранӡа нагӡахоит. Русҭавели имҩаду аҿы амлашьра салагоит, арантә спозициа сыԥсахуам. Амлашьра – ахамеигӡараӡам, ари уаҳа зда ԥсыхәа ҳамам шьаҿоуп”, – илҳәеит Хоштариа.