Екатеринбург иҟоу Уралмаш азауад амца ацралеит. Амедиа адыррақәа рыла, 4 000 аквадраттә метр аҵакыра абылра иаҿуп.
Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнак иҳәамҭала, азауадаҿ имарианы амца зкуа амаҭәарқәа рыҟазаара амшала абылра арцәара рцәыуадаҩуп.
Азауадаҿ абылра зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы аусеилыргара мҩаҧысуеит.