ЕАШ, Џьеқсонвил ааигәара аҳаирплан Боинг 737 иқәҵәрааны аӡиас иҭаҳаит
ЕАШ, Флорида аштат ақалақь Џьеқсонвил ааигәара аҳаирплан Боинг 737 антәоз, иқәҵәрааны аӡиас иҭаҳаит. Ари атәы аанацҳаит Reuters.
Иҟоу адыррақәа рыла, аҳаирплан иҭатәан 136ҩыа апассаџьырцәа.
Аахақәа зауз апассаџьырцәа ахәшәтәырҭахь инагоуп.
Reuters адыррақәа рыла, аҳаирплан иақәтәан америкатәи аруааи урҭ рҭаацәарақәа рылахәылацәеи, урҭ Америкаҟа Гуантанамо аҟынтә иааит.