ЕАШ-и, Натои, Германтәылеи адгьылҵысра алҵшәақәа раԥыхразы Ҭырқәтәыла ацхыраара адыргалеит
ЕАШ-и, Натои, Германтәылеи адгьылҵысра алҵшәақәа раԥыхразы Ҭырқәтәыла ацхыраара адыргалеит

ЕАШ аҭырқәа ган ацхыраара аднагалеит адгьылҵысра алҵшәақәа раԥыхра аус аҿы, – иҳәеит ЕАШ ахада ибжьашаҩ Џьеик Саливан.

Саливан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Вашингтон Ҭырқәтәыла аофициалтә хаҿқәа ацхыраара рыднагалеит.

Ацхыраара аарԥшразы изиоуп Натогьы. “ТВиттер” аҿы алианс амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз, уи ахада Ердоӷани аминистр Чавушоӷлуи драцәажәеит. Столтенберг ишазгәеиҭаз, алианс алахәылацәа ацхыраара амобилизациа иалагахьеит

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аналена Бербок “Твиттер” аҿы ишылҩыз ала, Германтәыла Ҭырқәтәылаҟа ацхыраара дәықәнаҵоит.

Анкара ацхыраара азаарԥшра азыхиоуп Израиль аиҳабырагьы.