ЕАШ-и Британиа Дуи ртәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит зыԥшра ҟамҵакуа Ливанынтә иқәҵырц
ЕАШ-и Британиа Дуи ртәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит зыԥшра ҟамҵакуа Ливанынтә иқәҵырц

ЕАШ-и Британиа Дуи ртәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит зыԥшра ҟамҵакуа Ливанынтә иқәҵырц. Атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа Ааигәа мрагылараҿ аҭагылазаашьа аескалациа иадҳәаланы ҟарҵеит.

Беирут иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Британиа атәылауаа ирабжьаргоит акоммерциатә реисқәа иахьынӡанагӡо Ливанынтә иқәҵырц.

Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, аҭагылазаашьа цәгьахар ҟалоит.

Еиԥшу аҳәамҭа ҟанаҵеит ЕАШ адипломатиатә усҳәарҭагьы.

Ааигәа мрагылараҿ аҭагылазашьа ацәгьахара Тегеран “Ҳамас” алидер Исмаио Ҳаниеи Беирут ҵысра “Ҳезболла” аԥыза Фауд Шуқрии рышьра иадҳәалоуп.